EUMM - European Union Monitoring Mission in Georgia

Krtsanisi Residential Area, 49 Krtsanisi Street, Tbilisi, Georgia
Tel: +995 32 2 721800; +995 32 2 719300
Email: press@eumm.eu
www.eumm.eu
 
24/11/2024 15:11:52
Print | Close
https://eumm.eu./ab/eu_in_georgia/how_does_the_eu_work/
 
Европатәи апарламент
Европатәи апарламент алырхоит 5 шықәса знык, Евроеидгыла иалахәу атәылақәа рыуаажәлар ринтиресқәа рымҩаҧгаразы. Евроапарламент азы ихадоу усуп, Европатәи азакуанқәа рыдкылара, Евроакомиссиа ирыдыргало ажәалагала иашьагыҭны. Евроапарламент иаду аҭакҧхықәра Евроеидгылатә ахеилаки ирзеиҧшуп. Апарламенти, Евроеидгылатә иара убас ирымоуп еиҟроу азинмч Евроеидгылатә ашықәстә абиуџьет ашьақәырҕәҕәаразы. Апарламент ихадоу аилатәарақәа мҩаҧысуеит Стразбург (Франциа), аха егьырҭ аилатәарақәа мҩаҧысуеит Бриуссель (Бельгиа).

Европатәи ахеилак

Аидгыла шьақәгылоуп, уи иалахәу атәылақәа реиҳабыреи, аҳәынҭқара анапхгареи, уи ахадеи, Евроеидгыла акомиссиа ахадеи рыла. Аидгыла аусураҿы иалахәуп Евроеидгыла адәныҟытәи аусқәеи, ашәарҭадареи рполитика иреиҳаӡоу ахаҭарнак. Евроеидгыла иҳәаақәнаҵоит Еврохеилак азеиҧш политикеи, априоритетқәеи. Уи иамаӡам азакуантә афункциақәа. Европатәи ахеилак еизоит ессы фымз ҩынтә, ахада иааҧхьарала. Аҭагылазаашьа иаҭаххар, ахада ҷыда аилатәара мҩаҧигоит. Ахада изинныҟәгара аҽҳәара ҩышықәабжа иаҟроуп, зныктәи иалхра азинла. Европатәи ахеилак Бриуссель еизоит.

Евроеидгыла ахеилак

Евроеидгыла ахеилак Евроеидгыла аӡбарақәа здызкыло ихадоу органуп. Уи аҭакҧхықәра адуп Европатәи апарламент аҟны Евроеидгыла азакунқәа рыдкыларазы. Евроеидгыла ахеилак шьақәгылоуп, Евроеидгыла атәылақәа зегьы рмилаҭтә аиҳабыра аминистрцәа рыла. Аидгыла аиҧыларақәа рымҩаҧысра иалахәуп Евроеидгыла иалахәу аҳәынҭқарра аҟнытә еилдырго азҵааразы аҭакҧхықәра зқәу аминистр. Еиуеиҧшым иалахәу аҳәынҭқарра фымз аидгыла ахадара аҭыҧ ааннакылоит, ахантәаҩра ныҟәнагоит аиҧыларақәа рҿы, ишьақәныргылоит азеиҧш аполитикатә амш аусхәаҧштә. Зҽызҧсахуа анапхгара адәныҟатәи аусқәа ахеилак иркьысуам, уи Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәеи, ашәарҭадареи аполитика иреиҳаӡоу ахаҭарнакра иахантәаҩуп.

Еврокомиссиа

Еврокомиссиа Евроеидгыла анагӡаратә органуп, Евроеидгылатә азеиҧш аинтиресқәа иахаҭарнакуп. Уи иармазеиуеит аҿыц азакунтә проектқәа, нас иқәнаргылоит Европатәи апарламенти, аидгылеи раҧхьа. Уи аҧсҭазаараҿы имҩаҧнагоит Евроеидгыла азеиҧш политика, иныҟәнагоит Евроеидгыла афондқәеи, апрограммақәеи. Акомиссиа иара убас инанагӡоит “аиқәшаҳаҭра ахьчара” ароль, уи иахылаҧшоит Евроеидгыла аиқәшаҳаҭрақәеи, азакуани шынанагӡо. Уи иалшоит азакуан еилазго рзы аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара, ихымҧадахар Европатә аӡбырҭахь ахы архоит. Акомиссиа 28 ҩык акомиссарцәа рыла ишьақәгылоиуп, урҭ зегьы Евроеидгыла иалахәу атәылацҧхьаӡа ахаҭарнакцәа роуп. Акомиссиа ахада далхуп Евроеидгыла 28 иалахәу атәылақәа реиҳабырала, дшьақәырҕәҕәоуп Европатә апарламент ала. Егьырҭ акомиссиақәа шьақәыргылоуп рхатәы амилаҭтә аиҳабырақәа рыла, аҿыц ахада иҟны аицәажәарақәа рымҩаҧгара аамышьҭахь, урҭ Европатәи апарламент ишьақәнырҕәҕәоит. Урҭ рхатәы тәылақәа реиҳабыра ахаҭарнакцәа ракуӡам. Уи ацынхәрас, урҭ зегьы аҭакҧхықәра рыдуп Евроеидгылатә аполитика иҷыдоу аусхкқәа рзы. Урҭ зегьы русура аҽҳәара хышықәса амоуп.